Print this page
30.Нанҳәа.2024

Аслан Бжьаниа адепутатцәеи аопозициа аԥызацәеи рзы изеиԥшразаалак адыррақәа дарбанызаалак иҭара азы аҭакԥхықәра ихахьы имгаӡеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә ҳақәа рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәеи аопозициа аԥхьагылаҩцәеи  анаҩс урыстәылатәи атәылауаҩра рымхра азы ирызку аинформациа рыҭара азы аҭакԥхықәра ихахьы игеит ҳәа аинформациа цәырҵит.

Убри инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ари аинформациа шҵаҵӷәыдоу азы  адырра ҟанаҵоит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа адепутатцәеи аопозициа аԥызацәеи рзы изеиԥшразаалак адыррақәа дарбанызаалак  иҭара азы аҭакԥхықәра ихахьы имгаӡеит.


Read 190 times - Амҽыша, 01 Цәыббра 2024 14:54