Print this page
03.Цәыббра.2024

Ниарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 16 шықәса ҵит.

Аҟәа. Цәыббрамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 3 рзы  16 шықәса ҵит Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи.  Ареспублика Никарагуа – Урыстәылатәи Афедерациа ашьҭахь Аԥсны асуверентә ҳәынҭқарраны  иазхазҵаз  аҩбатәи ҳәынҭқарроуп.

Цәыббрамза 3, 2008 шықәса рзы  Никарагуа Ахада Даниель Ортега иара итәыла официалла Аахыҵ  Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра шазханаҵо азы алаҳәара ҟаиҵеит.  Иара Манагуа ақалақь аҿы имҩаԥысуаз атәыла арбџьармчқәа раԥҵара 29-шықәса ахыҵра иазкыз амитинг аҿы  аруаа рҿаԥхьа дықәгыло идикылаз аӡбамҭа азы алаҳәара ҟаиҵеит.

Ҩымш рышьҭахь, цәыббрамза 5, 2008 шықәса рзы, Даниель Ортега  иӡбамҭа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра азхаҵара азы адекретқәа рыла ишьақәирӷәӷәеит.  Апарламент аҿы инацҵаны ашьақәырӷәӷәара зҭахым, аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵара азы аофициалтә  зиншәҟәқәаны иҟалаз Адекретқәа Никарагуа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциа аҿы рыдгалара мҩаԥысит.

Ахәҭакахьала, цәыббрамза 10, 2009 шықәса рзы Аԥсни Никарагуеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит. Ԥхынгәымза,  2010 шықәса рзы Ниарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Самуель Сантос, Манагуа Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аартра азы формалла иаԥу  апроцедурақәа зегьы нагӡоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсны рхьыԥшымра азхаҵара аҭак аҳасабала, Қырҭтәыла абҵарамза 28, 2008 шықәса рзы Қырҭтәылеи Никарагуеи ирыбжьаз адипломатикатә еизыҟазаашьақәа раԥыхразы аӡбамҭа аднакылеит.


Read 197 times - Аҩаша, 03 Цәыббра 2024 13:16