Print this page
10.Жьҭаара.2024

Аминистрцәа Реилазаараҿы Аԥсныҟа аинвестициақәа ралагалара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, атранспорти афымцамчи рминистр Џьансыхә Нанбеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани ахаша, жьҭаарамза 9 рзы  Санкт-Петербург ақалақь аҟынтәи абизнесменцәа ирԥылеит.

Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара иалахәыз Ареспублика Аԥсны аекономика аинвестициақәа ралагалара, ҳаԥхьаҟатәи аусеицура аперспективақәа, уҳәа ирыдҳәалаз  азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. 

 

 

 


Read 278 times