Print this page
30.Жьҭаара.2024

Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны абиуџьеҭнҭыҵтәи афондқәа фба 2025 шықәсазы рбиуџьеҭқәа рзы азакәанқәа рыпроектқәа шьақәнарӷәӷәеит.

Аҟәа. Жьҭаараза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны абиуџьеҭнҭыҵтәи афондқәа фба 2025 шықәсазы рбиуџьеҭқәа рзы азакәанқәа рыпроектқәа шьақәнарӷәӷәеит.

Зыӡбахә ҳамоу Аԥсны Атәанчаҩратә фонд, Ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд, арепатриациа Афонд, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи Афонд, асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд, Амҩатә Фонд.

Азакәанқәа рыпроектқәа ахәаԥшразы Аҳәынҭқарра Ахада иахь идәықәҵахоит.

– 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи Афонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи   реицҵалыҵ 258 млн. 937,8 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

– Атанчаҩратә Фонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи   реицҵалыҵ –  1 млрд. 882 млн. 796,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

– Ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи   реицҵалыҵ – 90 млн. 571,3 ныықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

– арепатриациа Афонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи   реицҵалыҵ – 385 млн. 130,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

– асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи   реицҵалыҵ – 232 млн. 475,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

– Амҩатә Фонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи   реицҵалыҵ  - 160 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.                       


Read 175 times