Print this page
30.Жьҭаара.2024

Аԥсны арепатриациа Афонд абиуџьеҭ аныхтә хәҭа 92,8 млн. мааҭ рҟынӡа иазҳауеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы 2024 шықәсазы Арепатриациа Афонд абиуџьет аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект шьақәдырӷәӷәеит.

Аиҭакра Афонд абиуџьеҭ аныхтә хәҭа иадҳәалахоит, уи 92,8 млн. мааҭ рыла иацҵахоит.  

Арепатриациа Афонд ахышәа-ҵышәақәа:  

– Афонд абиуџьеҭ ахашәалахәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ – 311 млн. 850 ныықь мааҭ,

– Афонд абиуџьеҭ аныхтәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ– 427 млн. 266,4 нызықь мааҭ, Афонд абуџьеҭ адифицит ашәагаа –  115 млн.  416,4 нызықь мааҭ.

Афонд абиуџьеҭ 2024 шықәсазы адифицит афинансыркра ахыҵхырҭаны иҟоуп ажырныҳәамза  1, 2025 шықәсазы Афонд абиуџьеҭ аҿы  115  млн. 416,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә хархәагақәа рцәынха.

Иааизакны афонд ахашәалахәы 385,13 миллион мааҭ ҟалоит, уи ахарџьқәа ираҟарахоит.

Афонд анагӡаратә директор ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьынџьал иажәақәа рыла, абиуџьет ахашәалахәы 2024 шықәса иаҿырԥшны 73 миллион мааҭ ала еизҳауеит, ахарџь 42 миллион мааҭ ала еиҵахоит.

Иара убас, аилатәараҿы 2024 шықәсазтәи абиуџьет аҿы аиҭакрақәа аларгалеит, ахарџьқәа 92,8 миллион мааҭ рыцҵаны.


Read 461 times