Print this page
05.Абҵара.2024

Аԥснытәи аспортсменцәа карате кекусинкаи азы Ҟрым Аԥхьахәгара аҿы 13 медал ргеит.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи 14-ҩык аспортсменцәа карате кекусинкаи IFK (кумите) азы Ҟрым Аԥхьахәгара рхы аладырхәит.

Абҵарамза 3 рзы Симферополь имҩаԥысуаз атурнир рхы аладырхәит Урыстәыла ԥшь-регионк рҟынтәи: Ҟрым, Ростовтәи аобласти Краснодартәи  атәылаҿацәи, Адыгеиа, иара убас Аԥснынтәи  15 командак реилазаара аҿы  210-ҩык аспортсменцәа.

Атурнир аихшьаалақәа рыла, аҟәатәи акаратистцәа еиуеиԥш аҩаӡарақәа змоу 13 медал аиура рҽаԥсартәит.

Аиааира ргеит Мирон Блабба, Самед Бабаев, Баграт Кәтарба, Сандро Гагәуа, Анастасиа Романова.

Аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Даниил Ҵулукиа, Нарҭ Багаҭелиа, Ервант Нубариан, Арина Роор, Анас Кәыҵниа, Ельдар Маслов, Роман Роор, Алмас Гогохьиа.

Аспортсменцәа  азыҟаиҵоит  Аԥсны  Аҳәынҭқарра карате кекусинкаи апрезидент, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Витали Ҷыҭанаа.

Атурнир ахь ацаразы афинанстә цхыраара ҟарҵеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «РЦТРМ» адиректор хада  Адамыр Лагәлааи аҭаацәаратә  комитети.  

 

 

 


Read 157 times