Print this page
16.Ԥхынҷкәын.2024

Артиом Табариан ашахматқәа рзы Аԥсны ачемпионат аҿы аиааира игеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Артиом Табариан аиҳабацәа рыбжьара ареспубликатә шахматтә турнир аҿы аиааира игеит. Ԥхынҷкәынмза  15 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуаз атурнир рхы аладырхәит Аԥсны арегионқәа зегьы рҟынтәи  34-ҩык ашахматистцәа.  

Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Борис Наҟоԥиа (ақ. Аҟәа),  ахԥатәи аҭыԥ   – Нестор Багаҭелиа (ақ. Аҟәа).

Аветеранцәа рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит Леонид Пак (ақ. Гагра, иара убас Константин Ҭыжәба (ақ. Аҟәа).

16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа арԥарцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Армен Топчиан (Гәылрыԥшь аҳабла), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит – Богдан Турков (ақ. Аҟәа),  ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Аскар Аџьынџьал (ақ. Аҟәа).

16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Сарида Лакәатаа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ – Полина Марченко (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ – Амели Џьениа (ақ. Аҟәа).

Аиааирагаҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьахеит.

Атурнир мҩаԥысуан Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы адгыларала.


Read 246 times