Print this page
09.Ажьырныҳәа.2025

Аԥсны Супер Лига иҳаҩсыз асезон аихшьаалақәа рыла Аԥсны иреиӷьу ашьапылампыласыҩцәа алкаахеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа Аԥсны Супер Лига иҳаҩсыз асезон аихшьаалақәа рыла Аԥсны иреиӷьу ашьапылампыласыҩцәа рыхьӡқәа алнакааит.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы иҟанаҵо адыррақәа рыла, иреиӷьу амбахьчаҩ ҳәа далкаахеит очамчыратәи акоманда «Ерцахә» аголкипер Леон Кәытелиа, иреиӷьу ахьчаҩ ҳәа далкаахеит аҟәатәи акоманда «Нарҭ» ахәмарҩы Алиас Асланӡиа, иреиӷьу абжахьчаҩ –  акоманда «Нарҭ» ахәмарҩы Наур Ҵнариа, акоманда «Нарҭ» даҽа ахәмарҩык Емир Џьопуа иреиӷьу ажәылаҩыси иреиӷьу асезон ахәмарҩы қәыԥши ҳәа далкаахеит.

Иреиӷьу абомбардир ҳәа далкаахеит аҟәатәи акоманда «Нарҭ» абжахьчаҩ Ҭемыр Агрба. Уи 22-нтә аиндаҭлаҩ имҩа аганахьала ажәылара мҩаԥигеит. Уи иара убасҵәҟьа асезон азы иреиӷьу ахәмарҩы ҳәа далкаахеит.  

Аԥсны Супер Лига иҳаҩсыз асезон азы иреиӷьу азыҟаҵаҩ ҳәа далкаахеит аҟәатәи акоманда «Нарҭ» азыҟаҵаҩ Асҭамыр Логәуа.

31-тәи ареспублика ачемпионат мҩаԥысуан хәажәкырамза 12 инаркны абҵарамза 7 аҟынӡа.  Уи зынӡа рхы аладырхәит аа-командак: «Нарҭ», «Динамо», «Риҵа», «Афон», «Гагра», «Ерцахә», «Бзана», «Саӡ».

Асезон аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ааннакылеит аҟәатәи акоманда «Нарҭ», аҩбатәи аҭыԥ – Гагратәи акоманда, ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп  гәдоуҭатәи ашьапылампылтә команда «Риҵа».

 


Read 545 times