Print this page
07.Жәабран.2025

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысуеит мшаԥымза 6 рзы.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысуеит мшаԥымза 6 рзы.

Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

««Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы» Ареспублика Аԥсны азакәан ахәҭаҷ 5 инақәыршәаны, Ареспублика Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥгахоит мшаԥымза 06, 2025 шықәса рзы», – ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа атекст аҿы.

Иҳаҩсыз алхрақәа мҩаԥысит 2021 шықәса амшаԥымза 11 рзы. Аԥсны ақалақьтәи араионтәи еизарақәа рдепутатцәа алырхуеит ԥшьышықәса аҿҳәара рыманы.

 


Read 326 times