Print this page
05.Хәажәкыр.2025

Бадра Гәынба Аԥсныҟа иаарышьҭуа агуманитартә фымцамч амҽхак ацҵаразы Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалхыз Бадра Гәынба Владимир Путин иахь Аԥсныҟа иаарышьҭуа агуманитартә фымцамч амҽхак ацҵаразы аҳәара ҟаиҵеит. Иара иазгәеиҭеит афымцамч азымхара мшаԥымза аҽеиҩшамҭанӡа ишыҟазаауа.

«Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы афымцамч азымхара иахҟьаны уахыки ҽнаки рзы 11 сааҭ рҟынӡа  аамҭа-амҭала алашара арцәара ҳалагар акәхеит. Шәара иҳашәҭаз адгылара иабзоураны ҳара афымца азымхара иадҳәалаз апроблема аӡбара ҳалшеит.   Аха, рыцҳарас иҟалаз, агуманитартә шьаҭала Аԥсныҟа иаашьҭыз  афымцамч амҽхак анҵәарахьы инеит. Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, афымцамч азымхара мшаԥымза аҽеиҩшамҭанӡа ишыҟазаауа азгәаҭаны, Аԥсныҟа иаарышьҭуа агуманитартә фымцамч амҽхак ацҵаразы сшәыҳәар сҭахын», – ҳәа Кремль имҩаԥысыз Владимир Путини иареи реиԥылара аҿы иҳәеит Бадра Гәынба.

Владимир Путин ари азҵаара аӡбараҿы ацхыраара шыҟаиҵо азы ажәа ииҭеит.

 

 


Read 687 times