Print this page
28.Мшаҧы.2025

Ақәыԥшцәа рыбжьара анапылампыл азы Иаарту атурнир аҿы аиааирақәа згаз еилкаахеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса мшаԥымза 26–27 рзы Аҟәа ақалақь, С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы 2010 шықәса рзы иизи урҭ иреиҵбууи рыбжьара анапылампыл азы Иаарту атурнир мҩаԥысит. Аицлабрақәа 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара амш 80-шықәса ахыҵра иазкын.

Атурнир зынӡа рхы аладырхәит ԥшь-командак: Пицунда, Аҷандара, Ареспубликатә ахәыҷтәы спорттә хәмаррақәа рышкол, иара убас акоманда «Спартак». Ахәмаррақәа мҩаԥысит аикәыршаратә система ала.

Аицлабрақәа реихшьаалақәа абас ала еихшахеит:

  • 1-тәи аҭыԥ – Пицунда ақалақь акоманда;
  • 2-тәи аҭыԥ – Аҷандаратәи акоманда;
  • 3-тәи аҭыԥ – Ареспубликатә ахәыҷтәы спорттә хәмаррақәа рышкол акоманда.

Иара убас иалкаахеит амплуа ала атурнир иреиӷьу ахәмарыҩцәа:

  • иреиӷьу ажәылаҩ – Габуниа Аскольд (ақ. Пицунда);
  • иреиӷьу ахьчаҩ – Аџьба Леон (Аҷандара ақыҭа);
  • иреиӷьу аимадаҩ – Кәытелиа Саид (Ареспубликатә ахәыҷтәы спорттә хәмаррақәа рышкол) (РДЮСШ игр).

Аиааирақәеи аԥхьахәқәеи згаз зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит.

Аицлабрақәа реиҿкаара ахахьы иагеит – Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа.


Read 142 times