Print this page
29.Мшаҧы.2025

Акриптовалиута арҳаразы 22 аппарат рыԥшааит Аҩада Ешыра ақыҭан.

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ахархәарала Аинформациа-коммуникациатә технологиақәа зинда рхархәара аҿагылара аиҿкааразы Аусбарҭеи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы Аҳазалхратә Ҭыԥи русзуҩцәеи, аҳазалхратә ҭыԥ «Ԥсоу» аоперативтә ҟәшеиҵа аусзуҩцәеи, иара убас Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи, Аҩада Ешыра имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатә аан ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазку 22 аппарат. Аппаратқәа зегьы убри амҭазы афымцацәаҳәа иаҿакын, аусура иаҿын, ҳәа адырра  ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.  

Аппаратқәа шьақәыргылан Алада Ешыра ақыҭан, атәылауаҩ Дертлиан С.А. итәу адгьыл аҿы иқәгылаз уаҩ дахьнымхо ахыбраҿы.

Аԥсныҟа заагара азин ыҟам амаининг азы амаругақәа рымхра мҩаԥган.

Административтә зинеилагара азы аусеилыргара хацыркуп.


Read 162 times