Print this page
29.Мшаҧы.2025

ААУ имҩаԥысит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа.

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазкны аҟазара афакультет астудентцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы.

Араҟа ицәыргақәҵахеит абарҭ ахырхарҭақәа: акостиум адизаин, аграфикатә дизайн, аинтериер адизаин, аландшафттә дизаин, асахьаркыратә ҟазареи аскульптуреи рыла 350 инареиҳаны аҭыхымҭақәа. Астудентцәа ацәыргақәҵа иаздырхиеит арратә тематика змоу 44 плакат. 

Ахәаԥшцәа ирыдыргалеит еиуеиеԥшым аҟазара аҭыжьымҭақәа: ашкәакәа-еиқәаҵәа (иԥшшәыдоу) аграфика  аҟынтәи иԥшшәылоу аграфика аҟынӡа, аԥстәқәа рҵәаӷәанҵа аҟынтәи акостиумқәеи аскульптурақәеи рҟынӡа. Арҭ аекспонатқәа ауниверситет афоие хада аҿы еиԥш аҩбатәи аихагыла аҿгьы иубар алшон.  Ацәыргақәҵа ахәаԥшцәа ирыднагалон арҿиаратә атмосфера агәылахалареи арҭ арҿиамҭақәа раԥҵара зхи-зыԥси алазҵаз астудентцәа рбаҩхатәра ахәшьара аҭареи рзы иуникалу алшара.

Ацәыргақәҵа аекспонатқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан – арратә тематика змоу аплакатқәа. Урҭ ацәыргақәҵа аҭааҩцәа идеилнаркааит аԥсуа хатәгәаԥхарауаа, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа рнысымҩақәа, инаҵшьны иазгәанаҭеит урҭ рфырхаҵареи рхацәнымырхареи, зеиӷьаҟам ала иаанарԥшит дара аҭоурыхтә хҭысқәа рыҿираҿы инарыгӡаз ароль аҵакы ахадара.

Аҟазара афакультет адекан Ныгәзар Логәуа иажәақәа рыла, астудентцәа агәыԥқәа рыла рҽеихшаны аус руан: џьоукы аматериалқәа еизыргон, егьырҭ аескизқәа еиқәдыршәон, уҳәа аус рҽақәыршәаны аус руан.  

Ныгәзар Логәуа иажәақәа рыла астудентцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа ауниверситет аҿы есышықәса, мшаԥымзазы имҩаԥысуеит. Сынтәа уи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазкуп.

«Астудентцәа абжьааԥны ишыҟарҵалац еиԥш уажәгьы рус ҭакԥхықәрала иазнеит. Дара Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡеи уи афырхацәеи рҭоурых ҭырҵаар акәхеит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара. Ныгәзар Логәуа игәаанагарала, астудентцәа акураторцәа рнапхгарала зеиӷьаҟам ала рҿаԥхьа иқәгылаз ахыдҵа нарыгӡеит.

ААУ аректор Алеко Гәарамиа иқәгылараҿы ҳаиҳабацәа рфырхаҵара агәалашәара аиқәырхара шхымԥадатәиу инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Ацәыргақәҵа иаҭааит: Афинанстә дырра аҿиара Ассоциациа адиректор Хада Вениамин Каганов, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Анаԥхгара аҿы иҟоу Афинанстә университет аекономикеи абизнеси рфакультет акорпоративтә финансқәеи акорпоративтә напхгараҭареи ркафедра адоцент Хвича Харчилаа. 

Вениамин Каганов игәалашәарақәа еиҭеиҳәеит:

«Сара саб аибашьра далахәын, сара ибзианы исгәалашәоит есышықәса, маи 9 аҽны аветеранцәа адәахьы идәылҵуан  ирыцеибашьуаз, аха иҭахаз рҩызцәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц.  Иахьа сара сзы иҷыдоу мшуп, избан акәзар сара раԥхьаӡа акәны шәуниверситет саҭааит. Аиааира Дуӡӡа ҳара ҳаиднакылоит, уи ҳаԥхьаҟазы амчгьы ҳанаҭоит. Ҳаиҳабацәа акыр амыҟәмабарақәа рыхганы аиааира ргеит, уи ҳара аихьӡара ҿыцқәа рзы агәызҭазаара ҳанаҭоит».

Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба жәларбжьаратәи аимадарақәа ирыҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит (иҳаҩсыз ашықәс цәыббрамзазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы приднестровтәии аԥснытәии ауниверситетқәа рыбжьара аусеицуразы ирҿыцу аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит). Иара убас иара приднестровтәи аҳәынҭқарратә Университет анапхгараҭара ахьӡала еизаз зегьы иааиуа маитәи аныҳәақәа рыдиныҳәалеит.

Аԥсныпресс акорреспондент ацәыргақәҵа алахәыла, «аграфикатә дизаин» ахырхарҭала I акурс астудентка Сарииа Черқьезиа длыҿцәажәеит. Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә раԥхьаӡа акәны зхы алазырхәыз аҭыԥҳа уи цәаныррақәас илызцәырнагаз атәы далацәажәеит.

«Сара даара сеигәырӷьоит, сыгәгьы хыҭхыҭуеит ари ацәыргақәҵаҿы сусумҭақәагьы ахьцәыргақәҵоу аҟынтәи. Урҭ руак — аԥштәы ацҵарала зхы иақәиҭу атемала аграфика апроект ауп. Уи сара мызкы аҟара аус адызулон», – ҳәа еиҭалҳәеит лара.

 

 

 

 

 

 


Read 102 times