Print this page
06.Лаҵара.2025

Акциа «Ԥсра зқәым аполк» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит лаҵарамза 9 рзы.

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акциа «Ԥсра зқәым аполк» Аҟәа ақалақь аҿы лаҵарамза 9 рзы имҩаԥгахоит.

Аныҳәатә аиасра алахәылацәа аҽеидкылара иалагоит Ахақәиҭра Ашҭаҿы асааҭ 10:30 рзы ԥыхьатәи аминистрцәа Рхеилак ахыбра азааигәара.  

«Ԥсра зқәым аполк» аколонна абри амаршрут ала имҩаԥысуеит:  Ахақәиҭра Ашҭа инаркны Гәлиа имҩаду ала Леон ипроспект аҟынӡа; Леон ипроспект инаркны Амҳаџьырра Рыԥшаҳәа аҟынӡа; Амҳаџьыраа рымшаҳәеи адиоскураа Рыԥшаҳәеи инаваршәны Идырым Асолдаҭ ибаҟа  аҟынӡа.

Акциа аиҿкаара рхахьы иргеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Аофициалтә Хаҭарнакреи В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аҟәа ақалақь Ахадара, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет.

 


Read 220 times