Print this page
08.Лаҵара.2025

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Алықьса Гогәуа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы,  Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден  I аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы гәалсра дула  иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылоит.

«Ари цәыӡ дууп иааизакны ҳмилаҭ культуреиԥш, ҳаамҭазтәи амилаҭтә литература азгьы. Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа ԥсра зқәым иҩымҭақәа рыла амилаҭтә литература адунеитә ҩаӡара аҟынӡа ашьҭыхра зылшаз ашәҟәыҩҩцәа дреиуоуп. Абаҩхатәра ду, аҟазара ду иарҿиаз ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа Аԥсны анҭыҵгьы инарҭбааны ирылаҵәахьеит, урҭ иага аамҭа царгьы ҳажәлар ирҿахәҳәаганы инхоит.

Иҳәатәуп иара убас Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа ауаажәларратә усзуҩы иаҳасабала аԥсуа милаҭ хақәиҭратә қәԥараҟны инаигӡаз ароль аҵак ду шамоу, илагаламҭа шдуу.

Ашәышықәсақәа рахьтә знык ииуа арҿиаҩ дуқәа ируаӡәку Алықьса Гогәуа, иаԥҵамҭақәа рыла ԥсра-ӡра иқәымкәа аԥсуа жәлар ҳгәалашәараҟны наунагӡа даанхоит!», - ҳәа иаҳәоит адышшыларатә цҳамҭа аҿы.

 

 

 

 


Read 52 times