Print this page
вчера 7:34

Бадра Гәынба: Аԥсны агәылацәа зегьы, Қырҭтәылагьы уахь иналаҵаны, ҭынч, иҭышәынтәаланы аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара иадгылоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәылацәа зегьы, Қырҭтәылагьы уахь иналаҵаны, ҭынч, иҭышәынтәаланы аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара иадгылоит, аха ихьыԥшым аҳәынҭқарра астатус аманы, ҳәа РИА Новости аинтервиу аҭо иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.  

«Ҳара ҳзы ихадоу – ҳгәылацәа зегьы, Қырҭтәылагьы уахь иналаҵаны, ҭынч, иҭышәынтәаланы рыцынхара. Аха убри аан, Қырҭтәылеи ҳареи агәылеимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы уи анапхгара хымԥада еилыркаароуп рҿаԥхьа ишгылоу ихьыԥшым аҳәынҭқарра», – ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Қырҭтәыла ашьцылароуп Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарран ишыҟоу ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. Иара ишазгәеиҭаз ала, ари акурс Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапхгарада имҩаԥысуаз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ашықәсқәа раангьы ишьақәгылахьан, уи уажәгьы уажәшьҭангьы ԥсахрада иаанхоит.  Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аибашьреи аиҿагылареи шырҭахым,  аха атәылаҿы аицәажәареи аҭышәынтәалареи рышьақәгылара ишадгыло. Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла иҟоу аҵабырг еилкааны амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ашьҭахь ауп Аҟәеи Қарҭи рыбжьара аиҿцәажәара аналаршахо.

 

 

 


Read 85 times