Print this page
10.Лаҵара.2025

Гарри Аҩӡба ишьра инамаданы ашьаусеилыргара хацыркуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь апрокуратура Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217, ахәҭа 2, ахәҭаҷ  99, ахәҭа 2, апунктқәа «е», «ж» рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа рҟазшьақәа рыла,  Аҩӡба Гарри ишьра инамаданы ашьаусеилыргара хацнаркит,  ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Лаҵарамза 9, 2025 шықәса,  11 сааҭи  55 минуҭи инарзынаԥшуа, аусеилыргарала макьаназы еилкаам ахаҿқәа аномерқәа М101ММ RSO зқәыз амашьына шкәакәа Toyota Alphard ала Аинрал Аршба имҩала ибжьалеит. Дара закәаншьаҭада иныҟәыргози имҩаныргози абџьар ала фынтә рҟынӡа Гарри Аҩӡба иеихсны дыршьит. Уи ашьҭахь урҭ еилкаам ахырхарҭала аҭыԥ аҟынтәи рҽырӡеит.

Уажәы ацәгьоуцәа раанкыларазы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

 

 


Read 99 times - Ашәахьа, 12 Лаҵара 2025 22:16