Print this page
вчера 5:50

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа дырԥылеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада  80 шықәса ихыҵра иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рыҽрылархәразы иааз.

Аиԥылара иара убас далахәын Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа  Беслан.

Гәынба  Бадра хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит  ҳаамҭазтәи Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, амилаҭтә ҧыза 80 шықәса ихыҵра иазку аусмҩаҧгатәқәа рхы ахьрыладырхәыз.

«Владислав Арӡынба ҳазегьы ҳаидикылеит, Аҧсны жәлар, Аҩадатәи Кавказтәи ҳашьцәа,  Алада Урыстәыла уҳәа зегьы. Ари ақырҭуа агрессор иҿагылараҟны ицхыраагӡа дуун. Даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аԥсны азы иҟашәҵо.

Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ирҳәеит есқьынгьы Аԥсны адгылара ишазыхио, уи аҩбатәи ҳаԥсадгьыл ауп ҳәа ишырыԥхьаӡо.

Аиԥылараан Ҟабарда-Балкариа хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа Аԥснытәи Реидгыла анапхгаҩы Сергеи Иахагоев аҳәара ҟаиҵеит хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы  фырхаҵа Муаед Шоров иашьа, хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы Анзор Шоров  ихәышәтәраҟны ацхыраара иҭаразы. Аԥсны Ахада ари аҳәара ақәҿыҭны изыхәҭоу анапынҵақәа ҟаиҵеит.

 

 

 

 


Read 42 times