Апроектқәа рыҭҵааразы аҭыԥқәа рҿы иаԥҵан 11 усуратә гәыԥ. Иҳаҩсыз амчыбжь азы аусуратә гәыԥқәа зегьы ақыҭақәа рҭаара хдыркәшеит.
Аминистр иажәақәа рыла, анаԥхгаратә хықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара - 2025» алҵшәа бзиақәа аанарԥшуеит, аха аԥаратә хархәагақәа разымхара апроблема ыҟоуп. Убас, ақыҭанхамҩа Аминистрра ахь ахәаԥшразы инашьҭын иааизакны зынагӡаратә хәыԥса 292 901 461 мааҭ рҟынӡа инаӡо 487 проект, уи абиуџьет ала алимит 162 901 461 мааҭ рыла еиҳауп.
Даҽа пролблемак ыҟоуп, уи акадртә дефицит – араионқәа рмашьына-техникатә Станциақәа рҿы аусура зылшо аспециалистцәа-амеханизаторцәа рыҟамзаара иадҳәалоуп.
Аҵиааӡаразы апроектқәа рынагӡаразы ареспублика иаҭахуп аҭыԥантәи ашәырқәеи асубтропикатә культурақәеи реиҭаҳатәқәа рааӡаразы аҵиааӡарҭатә нхамҩақәа.
«Уи зегьы имаҷымкәа афинанстә харџь аҭахуп, урҭ рзымхара ыҟоуп», - ҳәа иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан аспециалистцәеи акомиссиа алахәылацәеи дрыцны хаҭала анапхгаратә программа алахәылацәа рҭааразы агәазыҳәара ааирԥшит. Уи иара убас Аминистрра аҿаԥхьа иқәгылоу хадара злоу азҵаарақәа иреиуоуп атәыла афатә-ажәтә ашәарҭадара аиқәыршәара ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Иара ақыҭанхамҩа Аԥсны аекономика зегьы реиҳа ихадоу аусхкқәа иреиуоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит, уи ақыҭанхамҩа апроектқәа адгылара рыҭара азы инацҵаны рфинансыркра азы атәыла иреиҳаӡоу анапхгара аҿаԥхьа аҳәара аҟаҵара дшазхиоу иҳәеит.