Print this page
20.Лаҵара.2025

Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиқәыршәара иазҿлымҳауп.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 19 рзы Москва ақалақь аҿы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-рраунд аламҭалазы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәааи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара.  

Аганқәа инарҭбааны иалацәажәеит имҩаԥысраны иҟоу аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә иалагалоу азҵаара хадақәа.

«Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиқәыршәара иадҳәалоу Москвеи Цхьынвали Аҟәеи ирзеиԥшу априоритетқәа рӡыргара аус ацхраара.

Еиҭахгьы инаҵшьны иазгәаҭан ихықәкы хаданы ишшьоу Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала амч ахамырхәаразы аиуристтә ҭакԥхықәра агаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, иара убасгьы аԥсны-қырҭтәылатәии аахыҵуаԥстәыла-қырҭтәылатәии аҳәаақәа рҿы  аделимитациа апроцесс аусура аларгара», - ҳәа иазгәаҭоуп Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ацҳамҭа аҿы.


Read 346 times