Print this page
20.Лаҵара.2025

Апассаџьырцәеи аидареи рныҟәгара иазку амаҵзурақәа иреиҳаӡоу ахәԥҵәақәа еиҭакуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы атранспорт ала апассаџьырцәеи аидареи рныҟәгара иадҳәалоу амаҵзурақәа рзы иреиҳаӡоу ахәԥҵәақәа реиҭакра шьақәырӷәӷәахеит.

Убас, ақалақь аҩнуҵҟатәи амаршрутқәа рыла аныҟәара:

  • амаршруттә такси ала пассаџьыркт изы – 40 мааҭ;
  • автобусқәа рҿы - пассаџьыр-километрк азы 2,55 мааҭ.

 

Ақалақь анҭыҵтәи амаршрутқәа рыла аныҟәара:

  • автобусқәа рҿы - пассаџьыр-километрак азы 2,33 мааҭ,
  • автобус хәыҷқәа рҿы - пассаџьыр-километрак азы 3,88 мааҭ.

 

Ақалақьбжьаратәи амаршрутқәа рыла аныҟәара:

  • автобусқәа рҿы - пассаџьыр-километрак азы 2,20 мааҭ,
  • автобус хәыҷқәа рҿы - пассаџьыр-километрак азы 3,39 мааҭ.

 

 

 


Read 367 times - Аҩаша, 20 Лаҵара 2025 17:57