Print this page
20.Лаҵара.2025

Жәлар Реизара-Апарламент Адгәыр Ҳаразиа идепутаттә зинмчы ҽҳәараанӡа иаанкылоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Адгәыр Ҳаразиа идепутаттә зинмчы ҽҳәараанӡа раанкылара азы рыбжьы рҭиит. Ари аӡбамҭа азы рыбжьы арҭеит асессиа иалахәыз, зхыԥхьаӡара 28-ҩык рҟынӡа инаӡо  адепутатцәа зегьы.

Ԥхынҷкәынмза 19 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Ԥхынҷкәынмза 19 рзы, аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәе рзы Аилак аилатәара аҿы акриптовалиута амаининг арҳаразы амаругақәа рхархәара ақәиҭымтәра азы азакәан апроект алацәажәараан адепутатцәа Кан Кәарҷиеи Адгәыр Ҳаразиеи ирыбжьалаз ажәеимакра иахылҿиааз аиҿагылараан  Адгәыр Ҳаразиа имаз абџьар ихы иаирхәит. Убри аан ахәрақәа иоуит адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, «Леон»  иорден акавалер,  «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Кан Кәарҷиа, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Вахтанги Голанӡиа дҭахеит. 

Ԥхынҷкәынмза 21, 2024 шықәса рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәараҿы еицҿакны Адгәыр Ҳаразиа идепутаттә кьымсра ихырхит.  Абжьыҭара иалахәын 28-ҩык адепутатцәа.

Ҭемыр Шьониа хантәаҩра ззиуаз Лиа Адлеибеи Генри Гамсаниеи злахәыз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рколлегиа  иарку аӡбаратә еилатәара аҿы Ареспублика Аԥсны апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа  Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкаартә закәанԥҵара инақәыршәаны, адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа аиуразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инаишьҭыз ажәалагала иахәаԥшит. Аӡбарҭа Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа ҟанаҵеит. Ԥхынҷкәынмза 21, 2024 шықәса рзы апрокуратура Хада Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкааратә закәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа хҩык аӡбаҩцәа рыла ишьақәгылоу аколлегиа адепутат иумҭа ацәгьоурақәа ирыҵанакуеит ҳәа иҟанаҵаз алкаа инақәыршәаны, Жәлар Реизара азыразра аманы Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Адгәыр Ҳаразиа иганахьала ашьаус ахацыркра азы аӡбамҭа аднакылоит. 

Хәажәкырамза, 2025 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рколлегиа убасҵәҟьа адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа ҟанаҵеит.            

 

 


Read 376 times