Print this page
22.Лаҵара.2025

Аибашьра аветеран Ипполит Гаделиа иҩны аԥенџьыр ҿыцқәеи ашәқәеи аҿарҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа Гал араион аҿы инхо Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран  Ипполит Гаделиа иҩны аԥенџьыр ҿыцқәеи ашәқәеи рҿаҵара иадҳәалоу аусура хнаркәшеит.  

Ааигәа аветеран иҩны амца акит. Аҩны еиҭашьақәдыргылеит, аха инагӡамкәа.

Лаҵарамза алагамҭазы, аветеран Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш идныҳәало Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа Ипполит Гаделиа ацхыраара ширҭо азы дақәиргәыӷит.

Лаҵарамза 19 рзы аусурақәа зегьы хыркәшахеит.


Read 378 times