Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Африка Амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы алаирхәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуан Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адипломаттә корпус амаҵзура азы аусбарҭа Хада аҿы. Араҟа еизеит аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, адипломатиатә миссиақәеи жәларбжьаратәи еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.
Лаҵарамза 25 рзы иазгәарҭо Африка Амш, шьақәырӷәӷәан 1963 шықәсазы иҟалаз аҭоурыхтә хҭыс аҳаҭыр азы. Усҟан Аддис-Абеба (Ефиопиа) аҿы имҩаԥысыз раԥхьатәи африкатәи атәылақәа рнапхгарақәа рконференциа аҿы иаԥҵахеит Африкатә акзаара Аиҿкаара (ОАЕ). 2002 шықәса инаркны уи ашьҭрамданы иҟалеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара арезолиуциақәа рыла зусура адгылара аиуо Африкатәи Аидгылара.
Африка Амш аконтинент ажәларқәа акзаарахь, аҭынчрахь, апрогесс ахь рашьҭазаара символра азнауеит. Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа Афедералтә ҳәынҭқарратә унитартә Наплкы «Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы адипломаттә корпус амаҵзура азы Ихадоу аусеиҿкаара-коммерциатә усбарҭа» («Главное производственно-коммерческое управление по обслуживанию дипломатического корпуса при Министерстве иностранных дел Российской Федерации») аплощадка аҿы рымҩаԥгара Москва ганрацәалатәи адипломатиа ацентр хада аҳасабала инанагӡо ароль шьақәнарӷәӷәоит. Аԥсны адипломатиатә миссиа ахаҭарнакцәа ари ахҭыс ралахәхара ареспублика жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы аартреи активла аусеицуреи рыпринципқәа ишадгыло арҵабыргуеит.