Print this page
02.Рашәара.2025

Шәача ақалақь аҿы инхоз ахаҵа Аԥсны анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәаразы ԥсраҽнынӡа ахақәиҭра иалхәдааразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аӡбарҭа аӡбаҩ Инал Кәыҵниа ихантәаҩрала имҩаԥгаз аӡбаратә еилатәара аҿы,  1987 шықәсазы ииз, Узбекьысҭан, Фергантәи аобласт, Маргилан ақалақь аҿы ииз, Шәача ақалақь аҿы инхо Ахмедов Алеқсандр Александр-иԥа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәаразы ахьырхәра ҳасабала изалырхит ԥсраҽнынӡа ахақәиҭра иалхәдаара, имазара имхрала ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы аҭакра.

Алеқсандр Ахмедов анаҩс аҭиразы изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аиагара, ажәакала, зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа Аԥсны иахьаҵанакуа аларҵәара азы ахара идҵоуп.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра азы Аусбарҭа аусзуҩцәеи Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи лаҵарамза 27, 2024 шықәса рзы дааныркылеит усҟан Аԥсны иахьаҵанакуа «имаӡоу аҭаҵәахқәа» рыла анаркотикқәа рыларҵәараҿы игәҩараз Алеқсандр Ахмедов.

Хаҭала игәаҭараан иаанкылаз идырбалеит иагьимырхит аҭиразы ирхиаз анаркотикатә маҭәашьар згәылаз 95 еилаҳәара.

Дааныркылаанӡа Алеқсандр Ахмедов Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан «имаӡоу аҭаҵәахқәа» хәба рыҟаҵара дахьӡеит. Амилициа аусзуҩцәа иарбоу аҭаҵәахқәагьы ԥшааны иқәыргеит.

Иаанкылаз идырбалаз анаркотикатә маҭәашьар «Метадон» азеиԥш капан 93 грамм иреиҳауп.


Read 229 times