Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара «Ақалақьргыларапроект» Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы игылоу аҩны №2 ахаҿратә гани амашәыр зхылҿиаар алшо абарҵеи реиҭашьақәыргылара иалагеит.
«Абарҵа ажәытә бетон аҟынтәи ианаҳрыцқьа ашьҭахь, ҳара иаабеит аиха иалху аконструкциа уаанӡа иамаз абарҵа зкуа алшарақәа шацәыӡхьоу. Абарҵа шьаҭанкыла иқәаагар акәхеит. Ҳара уи ҿыц еиҭашьақәҳаргылоит, аконструкциа ахаҭа еиҳа иҳарласуеит, аҭеиҭыԥшгьы ҳарҽеиуеит. Иара убас ари абарҵа аҭагылазаашьа уи иаҵасны инеиааиуаз ауаа рзы ашәарҭара аҵан. Уи ахәҭақәа аҿыбганы урҭ ирықәҳар ауан. Убри аҟнытә ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала ҳара иарбоу аусурақәа рынагӡара ҳалагеит», – ҳәа иҳәеит «Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа.
Ари ақьырмыҭтә хыбра ахаҭа аҭоурых-культуратә ҭынхахьы иаҵанакуеит.
«Ари аҩны ахатә ҭоурых амоуп, уи еиҵагыло абиԥара рзы еиқәырхатәуп. Ахыбра ахаҿратә ган ақьырмыҭ иалхуп, аха уи еиқәарахеит, иаанханы иҟоуп уи ахьшәыз аҭыԥқәагьы. Ҳара аамҭа рацәа аҩныҵҟа ари ахыбра аҭыӡқәа иақәлаз ашәыга, аахыҩла, аҟәыҟәбаачымазара аҟынтәи иаҳрыцқьоит», – ҳәа еиҭеиҭәеит Асҭамыр Ԥиԥиа.