Print this page
05.Рашәара.2025

Аҳәынҭқарра Ахада иусурамш аҩныҵҟала атәылауаа жәпакы рхатәы зҵаарақәа рзы идикылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада аусурамш аҩныҵҟала идикылеит ҩажәижәаҩык инарзынаԥшуа ауаа.

Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа идҵаалоз ауаа зыргәамҵуаз азҵаарақәа иреиуоуп ахәышәтәра, аусурҭа аиура, имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра уҳәа реиԥш иҟоу.   

Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа инеиз атәылауаа рызҵаарақәак аҭыԥаҟны иӡбан. Гәынба Бадра аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа изыхәҭоу анапынҵақәа риҭеит.  

Ахатәы интересқәа рыдагьы ирылацәажәан ауаажәларратә ҵакы змоу азҵаарақәагьы.

Ашьапылампыл асразы ахымхәацәа-ампутантцәа рфедерациа анапхгара Ахада иҟны аҳәара ҟарҵеит аиҿкааразы атранспорт азҵаара аӡбаразы.  Гәынба Бадра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа маҷҩымкәа излоу Афедерациа ақәиргәыӷит адгылара шриҭо азы.

 

Бадра Гәынба идикылеит иара убас асахьаҭыхҩцәа гәыԥҩык. Урҭ аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҭагылазаашьа атәы, ирҳәеит уи арҭбаара шаҭаху.  Гәынба Бадра асахьаҭыхҩцәа ажәа риҭеит иахьаҵәҟьа аҵараиурҭа дшаҭаауа, аҭыԥаҟны иҟоу аҭагылазаашьа шҭиҵаауа. 

Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы Гьаргь Колбаиа аҳәынҭқарра Ахада дидҵааало,  Аԥсны ақырҭуа агрессиа аҿагылараҟны Адыгеиа Ареспублика, Ҟабарда-Балҟариа, Ҟарачы-Черқьесиа иҟарҵаз адгылара инарҵауланы аарԥшразы аԥшаара-ҭыжьырҭатә проект анагӡаразы ацхыраара даҳәеит. Гәынба Бадра аҵак ду змоу ари апроект адгылара шаиҭо атәы иҳәеит. 

Аԥсны Ахада аамҭа-аамҭала атәылауаа идикылалоит рхатәы зҵаарақәа рзы. 

Атәылауаа рҭаҩра мҩаԥгалахоит аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу ауаажәларратә дкыларҭа ала. 

 


Read 174 times - Ахәаша, 06 Рашәара 2025 20:53