Print this page
вчера 22:15

Гәынба Бадра аԥсылманцәа Кәырбан-ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аԥсылманцәа Кәырбан-ныҳәа рыдиныҳәалеит.

 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

 

Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа реиԥш, аԥсылман тәылақәа ирықәынхо ҳџьынџьуаа зегьы ишәыдысныҳәалоит Кәырбан-ныҳәа лаша!

Иԥшьоу ари аныҳәа аҵак ду змоу динхаҵаратә хҭысны иахьыҟоу адагьы, абри амш иаҳгәаланаршәоит ауаҩра, аибачҳара, арыцҳаибашьара реиԥш иҟоу ауаҩытәҩсатә ҟазшьа бзиақәа. Уи аҳаҭыреиқәҵареи, аидгылареи, аилибакаареи рыла аиашара, ақәнага аҳра ахьауа ауаажәларра аргылараҟны ҳамҩақәнаҵоит иҳацхраауеит.

Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ҭаацәацыԥхьаӡа иагымзааит анасыԥ, аҳәоуеиқәшәара, иҟазааит адгьыл аҟны аҭынчра, ахирра!   

Анцәа илԥха-игәыԥха шәыцзааит зегьы! 

 


Read 249 times