Print this page
05.Рашәара.2025

Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Аҟәатәи аколлеџь астудентцәа аҭыԥқәа рыднагалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Аҟәатәи  аиндустриалтә коллеџь астудентцәа аҭыԥқәа рыднагалеит.  

Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» анапхгараҭара Аҟәатәи аҳәынҭқарратә индустриалтә колеџь аҿы алекциа-аӡыргара мҩаԥнагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Аҵарадырратә усура амҩаԥгаразы ааигәа Аԥсны аҵара Аминистрра аҟынтәи алицензиа зауз аҳаирбаӷәаза Аҵара-ҽазыҟаҵаратә Центр аусзуҩцәа астудентцәа атәыла ихадоу аилазаарақәа ируаку аилазаара аҿы иахьазы иҟоу аҭыԥқәа, азанааҭтә еизҳаразы реалла иҟоу алшарақәа рзы инарҭбаау аинформациа рырҭеит. Астудентцәа.

 Аусмҩаԥгатә еиҿкаахеит акадр ҿарацәа актуалра злоу авакансиақәеи апрофессионалтә еизҳареи рыла реиқәыршәара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны аҵарадырра Аминистрреи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәеи» ирыбжьарҵаз аусеицуразы аиқәшаҳаҭра иабзоураны.

Аусмҩаԥгатә лхы алалырхәит Аԥсны аҵарадырра Аминистрра аспециалист Хада Гәында Кәыҵниаԥҳа.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан: 

- адгьылхыхьтәи амаҵзура (аоператорцәа, аспециалистцәа, аҳаирпланқәа рыӡәӡәаҩцәа);

- амҩангарақәа реиҿкаара (агентцәа, адиспетчерцәа, администраторцәа-акассирцәа);

- аинформациатә технологиақәеи аимадарақәеи рзы (анџьнырцәа, асистематә администраторцәа, атехникцәа);

- иҷыдоу атранспорти аиҭашьақәыргылареи рзы (аныҟәцаҩцәа, аиха аус адулаҩцәа-аиҭашьақәыргылаҩцәа, анџьнырцәа);

- амцарцәаҩцәеи аҳаирпланқәа рыԥырра ашәарҭадара аиҿкаареи (аиқәырхаҩцәа, адиспетчерцәа, амашьынаныҟәцаҩцәа).

Астудентцәа ирзеиҭарҳәеит аусурала аиқәыршәара иамоу аетапқәа ртәы, урҭ таҳаирплан аперсонали аҟәша аконтактқәеи роуит.  

Ари аҵараиурҭа аушьҭымҭа изы иуникалу лшароуп иҭышәынтәалоу аперспективара злоу аусхкы аҿы акариера аргыларазы.  Это уникальная возможность для каждого выпускника начать строить свою карьеру в стабильной и перспективной сфере.   Прочитано 118 раз. Последнее изменение 05.06.2025

Иназыцҵоу аинформациа аиуразы: +7 940 770 79 67, +7 940 713 58 97 (WatsApp, Telegram).

 

 

 

 


Read 62 times