Агәалашәаратә усмҩаԥгатә иацҵахеит Аҟәатәи аботаникатә баҳча аҿы, 350 шықәса зхыҵуа аҭәаҵла ду аҵаҟа.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов еизаз зегьы дрыдныҳәало, Алеқсандр Сергеи-иԥа Пушкин ирҿиамҭақәа иахьа уажәраанӡа зықьҩыла ауаа агәазҭазаара рынаҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Ареспублика Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы аамҭала азинмчы змоу Евгени Иаковлев аурыс бызшәа Амш инамаданы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҟынтәи адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит:
«Аурыс бызшәа Амшныҳәа абызшәарацәареи акультуратә хкырацәареи аҳәаақәа ирҭагӡаны, Еиду Амилаҭқәа Реидгыла арыцхәқәа рзы жәларбжьаратәи амзар иалагалоуп. Ҳәарада, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа аназгәарҭо ашықәс азы ҳара ҳаҭырқәҵарала иаҳгәалаҳаршәоит адунеи анацизм аҟынтәи ахы иақәиҭызтәыз, ахәҭакахьала ҳхатәы бызшәа аурыс бызшәала ацәажәаразы азин ҳзеиқәзырхаз Ар Ҟаԥшь аруаа».
Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистка Нана Черқьезиа Алеқсандр Пушкин иажәақәа рыла иаԥҵаз аромансқәа налыгӡеит. Ашәаҳәаҩ аинструмент аҿы илыцлырҳәон Асҭанда Џьыкырба.
Абжьаратәи ашкол №15 аҵаҩцәа ахәаԥшцәа иддырбеит А.Пушкин иповест «Асыҭҳәа» («Метель») аҟынтәи ақәгыларақәа, иара убас ажәеинраала «Аԥааимбар» («Пророк») иаԥхьеит.
Уааҵәҟьа адәаҿы асахьаҭыхыҩ Марина Ханкова аурыс азбука, ахәҭакахьала алакәқәа рҟынтәи аиллиустрациақәа ацны ф-нбанк – П, У, Ш, К, И, Н ирызку асахьақәа цәыргақәҵахеит.