Print this page
09.Рашәара.2025

Бадра Гәынба еиҭашьақәыргылоу таитәи абокс азы азал даҭааит.

Аҟәа. Рашарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҟәа ақалақь аҵара Аусбарҭа ахыбраҿы иҟоу, ааигәа еиҭашьақәыргылаз, таитәи абокс аҽазыҟаҵаразы азал даҭааит.

Шьҭарнахыс аспортсменцәа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рҿы рҽазыҟарҵалоит: азал аҿы иԥсахуп адашьма, иҿыцу аспорттә маругақәеи аренеи шьақәдыргылеит.

Ари азал аиҭашьақәыргылара мҩаԥган Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала Аҟәа ақалақь Ахадара афинанстә цхыраара иабзоураны.

Аԥсны таитәи абокс Афедерациа апрезидент Ҭеимураз Гьергедаа азал ҿыц таитәи абокс азы жәларбжьаратәи атурнир «Гьаргь  Аиааирагаҩ Ихраҿа» алахәхара аҽазыҟаҵаразы аҵара-ҽахыҟаҵаратә еизгарақәа рахь  Аԥсныҟа иааз  150-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа рыдкылара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Иахьа арахь иааны иҟоуп жәларбжьаратәи атурнир «Гьаргь Аиааирагаҩ Ихраҿа» алахәхара згәы иҭоу Москвеи Московтәи аобласти рҟынтәи аспортсменцәа. Ҳара ҳаспортсменцәа даараӡа ргәы иаахәоит азал ҿыц», - ҳәа иҳәеит иара.

Ҭеимураз Гьергедаа Аҳәынҭқарра Ахада ари азҵаара аӡбараҿы илагала азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, атурнир ахь ааԥхьарагьы ииҭеит.  

Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба аҩбатәи азалгьы аиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп, араҟа аҽеиҭакратә уадақәеи аҽыкәабарҭақәеи ҟалоит ҳәа иҳәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба еиҵагыло абиԥара рзы аспорти агәабзиара аиҷаҳарала анхашьеи аҵакы ахадара азгәеиҭеит. Уи аспортсменцәа рыспорттә ԥсҭазаара аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит.


Read 340 times - Аҩаша, 10 Рашәара 2025 00:41