Ари амҩаҿы абетон-каҭрантә қәҵа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рашәарамза 5 рзы ихацыркын.
Шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара Аусбарҭа аиҳабы Дамир Гамсаниа Аҳәынҭқарра Ахада аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ амҽхак ааизакны 4730 ԥшьыркцатә метр рҟынӡа инаӡоит, уи ахарџь 9 млн. мааҭ иреиҳауп ҳәа адырра ииҭеит. Аусурақәа аграфик инақәыршәаны имҩаԥысуеит, аусурақәа рхыркәшара рашәарамза 11 рзы иазԥхьагәаҭоуп.
Апроект афинансркра мҩаԥысуеит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.