Print this page
09.Рашәара.2025

Аԥсны имҩаԥысит автоеиԥхныҩлара «Аамҭақәа реимадара, абиԥарақәа реимадара».

Аҟәа. Рашәарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкын рашәарамза 6 рзы Аԥсны имҩаԥысыз автоеиԥхныҩлара «Аамҭақәа реимадара, абиԥарақәа реимадара».

Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә бираҟқәа рыла иҩычаз автомашьынақәа идықәлеит асааҭ 8:00 рзы Аҟәа ақалақь, аихамҩатә станциа «Гәыма»  аҟынтәи. Урҭ рмаршрут: ақалаққәа Афон Ҿыц – Гәдоуҭа – Гагра – Аҟәа. Уи ашьҭахь акциа алахәылацәа Аҟәаҟа ихынҳәит.

Акциа алахәылацәа амҩан 1941–1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа афырхацәа рбаҟақәеи  1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра афырхацәа рбаҟақәеи рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Есышықәса зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатә ахықәкы – аибашьра афырхацәа рзы аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара, аҿар апатриотизм рылааӡара, аҿари аветеранцәеи реиԥыларақәа реиҿкаара.

«Автоеиԥхныҩлара алахәылацәа ирԥылон араионқәа рхадацәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи. Гәымсҭатәи ацҳа, Афон Ҿыц, Гәдоуҭа, Гагра иҭахаз аибашьцәа рмемориалқәа рымҵан имҩаԥган ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониақәа.  Гагра иара убас аҩ-еибашьрак рҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны амитинг мҩаԥысит. Сынтәа ари акциа иалахәыз ауаа еиҳа еиҳан», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит урыстәылатәи аидгьылуаа асоциалтәи азинтәи ацхыраара рыҭаразы Ассоциациа анапхгаҩы Владимир Попов.

Ари апатриоттә акциа аиҿкаара рхахьы иргеит – Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы, абыргцәа Рхеилаки урыстәылатәи аидгьылуаа асоциалтәи азинтәи ацхыраара рыҭаразы Ассоциациеи.

Афотосахьақәа: Владимир Попов. 

 


Read 208 times - Аҩаша, 10 Рашәара 2025 02:14