Print this page
09.Рашәара.2025

Апарламент ахь идәықәҵоуп апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩ имаҵураҭыԥ аанкылара азы азԥхьанагара.

Аҟәа. Рашәарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба аиустициа абжьгаҩ еиҳабы Ҭраԥшь Алиас Леонид-иԥа апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵаразы азԥхьанагара Апарламент ахь идәықәиҵеит.

Ҭраԥшь Алиас Леонид-иԥа диит цәыббрамза 27, 1990 шықәса рзы Гәдоуҭа ақалақь аҿы.  

2007 шықәсазы Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол  №4 далгеит. Иара убри ашықәсан дҭалеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра иатәу Арратә  университет, уи далгеит  2012 шықәсазы азанааҭ «Азиндырра» («Юриспруденция») ала.  

Хәажәкырамза 12, 2013 шықәса рзы апрокуратура аусбарҭақәа рахь, Аԥсны арратә прокуратура ахь иадкыларала, азакәанԥҵара апропагандеи асистематизациеи рзы апрокурор Хада ицхырааҩ имаҵураҭыԥ ахь дрыдыркылеит.  

Нанҳәамза 19, 2013 шықәсазы Аԥсны арратә прокуратура ахь иадкыларала, Гәдоуҭа араион апрокурор ицхырааҩыс дҟаҵан.

Рашәарамза 30, 2014 шықәса рзы Апрокуратура Хада Аусеилыргаратә усбарҭа аусеилыргаҩ еиҳабы имаҵураҭыԥ аҿы дшьақәырӷәӷәан.  

Жәабранмза 1, 2016 шықәса рзы Апрокуратура Хада Аусеилыргара аусбарҭа аусеилыргаратә ҟәша аусеилыргаҩ еиҳабыс дҟаҵан.

Ԥхынҷкәынмза 2, 2016 шықәсазы Апрокуратура Хада Аусеилыргара аусбарҭа аусеилыргаратә хәҭа аусеилыргаҩ еиҳабыс дҟаҵан.

Ԥхынгәымза 4, 2018 шықәсмазы  Апрокуратура Хада Аусеилыргара аусбарҭа апрокурор-акриминалистс дҟаҵан.

Нанҳәамза 29, 2019 шықәсазы  Апрокуратура Хада Аусеилыргара аусбарҭа апрокурорс дҟаҵан.

Ԥхынҷкәынмза 27, 2019 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Аҟәа ақалақь апрокурор ихаҭыԥуаҩыс аус иуеит.

 


Read 308 times