Иара убас, Инал Аргәын ЗҲәА "Новое дело" аԥҵаҩыси адиректор ихаҭыԥуаҩыси дыҟоуп.
Иара идыррақәеи иԥышәеи ареспублика ақыҭанхамҩа аҿиаразы хра аланы иҟалоит ҳәа ирыԥхьаӡоит атәыла ақыҭанхамҩа Аминистрра аҿы.
Аҟәа. Рашәарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аконкурс “Аԥсны акоманда” афиналист Инал Аргәын ақыҭанхамҩа аминистр ицхырааҩыс дҟаҵоуп.
Инал Аргәын 2015 шықәса рзы қәҿиарала иҵара хиркәшеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә Университет аҿы «аменеџьер» изанааҭ ала. Изанааҭтә усура аамҭа иалагӡаны иара Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩатә наплакқәа рҿы аԥышәа ду ирҳаит, уи иабзоураны идгалахо аҳәынҭқарратә маҵзура аҿы иҿыцу ахыдҵақәа еффективла рынагӡара илшоит.