Print this page
13.Рашәара.2025

Ԥхынгәымза 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иазгәарҭоит ақалақь Амш.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы Адҵа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа ақалақь Амш есышықәса ԥхынгәымза актәи асабшазы иазгәарҭоит. Сынтәа ақалақь Амш азгәаҭара ԥхынгәымза  5 иақәшәоит.

Ақалақь ахада аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы аиҿкааратә комитет аԥҵареи уи аилазаара ашьақәырӷәӷәареи рзы анапынҵақәа ҟаиҵеит.

Аиҿкааратә комитет мчыбжьык иалагӡаны ақалақьзегьтәи аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аплан аиқәыршәареи ашьақәырӷәӷәаразы анашьҭреи рзы адҵа аҭоуп.


Read 206 times - Амҽыша, 15 Рашәара 2025 14:05