Print this page
13.Рашәара.2025

Лашькьындар ақыҭан идырҿыцыз Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа иалахәыз рбаҟа аадыртит.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иалахәыз афырхацәа рбаҟа арестоврациа ашьҭахь аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭан.  Ари ақыҭа иалҵны Рыԥсадгьыл ахьчаразы еибашьра ицеит 62-ҩык аибашьцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит  Ochamchira_inform.

Ақыҭауааи ақыҭа иаҭааз асасцәеи абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ашколхәыҷқәа аибашьра аамҭа иазкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Очамчыра араион ахада Алхас Кациа, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа, ауаажәларреи ақыҭауааи.

Абаҟа аартхеит Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраара иабзоураны.

 

 


Read 284 times