Print this page
15.Рашәара.2025

Беслан Аҳашба Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Иусԥҟала, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аррамаҵзурауааи атәылауаҩратә усзуҩцәеи амедицинатә цхыраара рыҭараҿы иҟаиҵаз алагаламҭазы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп:

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра Арратә хәышәтәырҭа хада аҳақьым-аԥсихотерапевт Аҳашба Беслан Гьаргь-иԥа.

 


Read 598 times - Амҽыша, 15 Рашәара 2025 14:04