Print this page
вчера 12:15

Дмитри Вольвач: Аԥсны маҷ-маҷ аамҭеихшала алашара арцәара апрактика иацәхьаҵлароуп.

Аҟәа. Рашәарамза 16. 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аенергетика, атуризм, асоциалтә усхки еиҵамҵуа амазара аусхкы аҿы аҳәынҭқарратә напхгараҭара ацифровизациеи ашәахтәқәҵареи, амедицина, аҵарадырра – Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны аусхкытә мҩақәҵагатә хсаалақәа зызкхо ихадоу хырхарҭақәаны иҟоуп.

Абри атәы далацәажәеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач иахьа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилатәара аҿы.

Иара иацы ахәылбыҽха азҵаарақәа жпакы рыла аусуратә еилацәажәара мҩаԥысит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иԥылараҿы Дмитри Вольвач араҟа иҟазаара амшқәа ирылагӡаны иазԥхьагәаҭоу аусқәа дрыхцәажәеит.

«Аҳәынҭқарра Ахада иҳамоу аплан дадгылоит. Иаргьы еиликаауеит аусхкытә мҩақәҵагатә хсаалақәа ирыҵоу аҵакы ахадара. Уи – аенергетика, атуризм, асоциалтә усхки еиҵамҵуа амазара аусхкы аҿы аҳәынҭқарратә напхгараҭара ацифровизациеи ашәахтәқәҵареи, амедицина, аҵарадырра ауп.  Ари акыр зҵазкуа, насгьы анапхгараҭара аганахьала имариам, аинвестициақәа ралагалара зҭаху, иара убас ауаҩытәыҩсатә капитали анапхгараҭараҿы иҿыцу азнеишьақәеи зҭаху аусхкқәа роуп», – ҳәа иҳәеит Дмитри Вольвач.

Иара ареспублика аҿиара аганахьала акыр зҵазкуа ахыдҵақәа ықәгылоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҳауз аихьӡарақәа рыцҵара азы ҳара аинституциатә реформақәа еиҳа аԥыжәара раҳҭалоит, Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала адагьы ареспублика изызҳауа афинанстә, абиуџьеттә лшарақәа радыԥхьалара ҳҽазаҳшәалоит. Иазгәаҭатәуп ҳәа исыԥхьаӡоит даҽакгьы. Аинвестициатә программеи альготатә кредитқәа рыҭареи аҳәаақәа ирҭагӡаны  шәареи ҳареи иааҳартуаз аобектқәа иахьа шьҭа аекономика аизҳара иацхраауа обиектқәаны иҟало иалагеит. Уи алогистика, ааглыхра, ақыҭанхамҩа, афатә аалыҵ аҭыжьра, уҳәа аусхкқәа рҿы ауп», – ҳәа иҳәеит Дмитри Вольвач.

Иара убасҵәҟьа иазгәеиҭеит иахьа инаркны Аԥсны аекономика Аминистрра аҿы имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара азы льготала акредитқәа рыҭара азы азыҳәамҭақәа рыдкылара ишалаго.

«Ҳара ареспублика аекономика Аминистрра аҟынтәи ҳколлегацәа ҳацырхырааны абизнес иадаҳгалеит аинтерес зҵоу, даараӡа ифеидоу адгылара альготатә механизм.

Ари аҩыза адгыларала абизнес аҿиара бзиа аиуоит, аусдкылараҿы зхы ԥызшәарц зҭаху рзы хра злоу усхоит», – ҳәа иҳәеит Дмитри Вольвач. Иара ҷыдала иазгәеиҭеит, ари иуникалу лшароуп, избан акәзар иҟоу аҭагылазаашьаҿы иалшоит зхарџьԥсатә хәыԥса ҩ-миллин мааҭ рҟынӡа инаӡо апроект аҟынтәи  1,8 млн. мааҭ ареспублика абиуџьети Урыстәылатәи Афедерациа абиуџьеттә дгылареи рҟынтәи агрант ҳасабла аиура.  

«Хыдҵаны иқәгылоуп – сынтәа урҭ афинанстә дгылара роурц азы акритериақәа зегьы рыла иақәшәо апроектқәа ралкаара», – ҳәа иҳәеит Дмитри Вольвач.

Уи иара убасҵәҟьа иазгәеиҭеит амҩақәҵагатә хсаалақәа рҿы иҷыдоу ахшыҩзышьҭра шаҭахо аенергетика.

«Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҟаҵоу шырацәоугьы, аенергетикатә сектор ареформа еиҳа иуадаҩу азҵаараны иаанхоит.  Еиҳа ахшыҩзышьҭра аҳҭоит ахархәара априборқәа рышьақәыргылара, афымцамч аҭиреи ашәатәқәа реизгареи реиӷьтәразы економикала ишьаҭарку аҭагылазаашьақәа раԥҵара», – ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ.               

Уи иара убас Аԥсны маҷ-маҷ аамҭеихшала алашара арцәара апрактика иацәхьаҵлароуп, аиҳарак социалла ихьчам агәыԥқәеи асоциалтә обиектқәеи рзы афымцамч азымхара иацу анегативтә хҟьаԥҟьақәа излауа ала ирмаҷтәуп, уи иахьа хыдҵа хаданы иқәгылоуп ҳәа иазгәеиҭеит. 

Дмитри Вольвач Аҳәынҭқарра Ахада иԥылараҿы атема ҿыц – иҿыцу афымцамч ахыҵхырҭақәа рырҿиара иазааҭгылеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. Иарбоу ахыҵхырҭақәа традициала ишьақәгылахьоу агенерациа рыԥсахыр шалымшогьы, уеизгьы урҭ иназыцҵоу ресурсны иҟалар алшоит, афымцамч ахархәара азеиԥш амҽхак аҟынтәи  20-30% хадырҭәаар алшалоит.

Дмитри Вольвач аԥышәатә проектқәа рыла алагара азы ажәалагала ҟаиҵеит.

Иара Урыстәыла иахьа амратә панельқәа рыҟаҵаразы ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа рыҟазаара ҳасаб азуны, иарбоу ахырхарҭа аҿиаразы потенциалла аинвесторцәеи апартниорцәеи шыҟоу азы агәрагара ааирԥшит. Аҳәынҭқарра Ахадеи Дмитри Вольвачи реиԥылараҿы шықәсқәак рышьҭахь зынаӡара ахәҭоу аҩаӡара – шықәсык ала хә-миллионҩык атуристцәа раара алыршара иалацәажәеит.   

«Уи анагӡара ауеит, избан акәзар, урыстәылатәи атуристцәа реиԥш адунеи зегьы аҟынтәи атуристцәагьы Аԥсны рхазы аартра иалагахьеит. Убри инамҩатәны ҳара атуристцәа ахьаанкыло аҭыԥ ҿыцқәагьы аԥаҳҵо ҳалагар, сгәы иаанагоит иарбоу ахыдҵа ӡбахоит», –  ҳәа иҳәеит Дмитри Вольвач. Уи убри аан Аԥсны еиԥш Урыстәылагьы иҟоу аинвесторцәа аԥарақәа ралагалара иазхиоуп, аха уи азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп ҳәа иазгәеиҭеит.

 

 

 

 

 

 


Read 169 times