Print this page
вчера 11:55

Инал Аҩӡба Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Инал Аҩӡба.

Инал Аҩӡба аколлектив дыдирдырит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.

Аҩӡба Инал Игорь-иԥа диит нанҳәамза 9, 1988 шықәса рзы Аԥснытәи АССР, Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан.

2005 шықәсазы – далгеит Аҟәатәи Н. А. Лакоба ихьӡ зхоу абжьаратәи Ашьхарыуаа рышкол  №10.

2010 шықәсазы – далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет, «Аҳасабеилыргаратә ҳасабырбареи аудити» азанааҭ ала аекономист иквалификациа ихҵоуп.

 ​2011 – 2013 шш. – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «НПО «Кристекс» адиректор Хада.

2013 – 2016 шш. – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Оливковая роща» адиректор Хада.

2016 – 2017 шш. – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Наш продукт» адиректор Хада.

2017 – 2019 шш. – Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснымҩа» аматериал-техникатә ҟәша аиҳабыс аус иуан.

2019 – 2021 шш. – Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснымҩа» атехникатә хылаԥшра аҟәша анџьнырс аус иуан.

2021 – 2025 шш. хазхаҭалатәи аусдкылара инапы алакын.

Рашәарамза 16, 2025 шықәса рзы  – Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩыс дҟарҵеит.  


Read 145 times