Print this page
сегодня 22:27

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҵарадырра аусхкы аҿы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу урыстәылатәи аделегациа Аԥсныҟа аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аекономикатәи аҵарадырратәи аусеицура арӷәӷәара иазырхоу аиԥыларақәа мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Аҭаараан ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аҵарадырра аусхкы аҿы аусеицура азҵаара.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысит Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынбеи ААУ аректор Алеко Гәарамиеи Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳаӡоу аҵарадырреи анаукеи Рминистрра ахаҭарнак Алла Косовеи реиԥылара. 

Аганқәа иалацәажәеит Аԥсны аҵарадырра аҿиара амҩақәҵагатә хсаала. Аиԥылараҿы аҵарадырратә программақәа рмодернизациа, арҵаҩцәа рыквалификациа ашьҭыхреи ҳаамҭа иақәшәо аҵарадырратә технологиақәа ралагалареи иаҵоу аҵакы ахадара иазааҭгылеит.


Read 74 times - Аҩаша, 17 Рашәара 2025 12:41