Print this page
вчера 9:31

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура аветеранцәа реиҿкаара «Аруаа» иҟанаҵаз ахарадҵа ишаҿагыло азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.

Аҟәа. Рашәарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа еидызкыло ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» рашәарамза 12 рзы асоциалтә ҳақәа аԥснытәи асегмент ала иаланарҵәаз ахарадҵа ишаҿагыло азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.

«Аруаа» аҳәамҭа ҟанаҵеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра «Ахашәалахәқәа, аныхтәқәа, амазареи амзаратә ҟазшьа змоу аҭакԥхықәрақәеи адекларациа азура азы» азакәан анагӡара аганахьала Ареспублика Аԥсны азакәанқәа еиланагоит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.

«Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра ауаажәларра азакәанԥҵара ақәныҟәареи акоррупциа аҿагылареи рызҵаарақәа иарҭо ахшыҩзышьҭра даара ҳаҭырқәҵарыла иазнеиуеит.  Убри инамаданы ихымԥадатәиуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит адекларациа амҩаԥгара азы азакәан анагӡаразы ахылаԥшра инанагӡо аусура азы адыррақәа рыҟаҵара. Иарбоу азакәан адкылара аныҟала инаркны Аминистрра уи анагӡаразы иҟанаҵо рацәоуп»,  – ҳәа иаҳәоит Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵаз ахцәажәара аҿы.

Убас, Аминистрра инанагӡаз ихадоу ауснагӡатәқәа рахь иаҵанакуеит:

– Азакәан анормақәа рынагӡара ахылаԥшра зҭакԥхықәроу акоррупциаҿагыларатә декларациа амҩаԥгара Аусбарҭа аԥҵара;

– амаҵурауаа рыла адекларациақәа рыҭара, иаартны ркьыԥхьра, мамзаргьы рышәҟәҭагалара, иара убас ицәыргахо адыррақәа ранализ зырмарио адыррақәа релектронтә база аиқәыршәареи алагалареи;

– азакәанԥҵара инақәыршәаны адекларациақәа рыҟаҵара аҽҳәарақәеи аԥҟарақәеи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи урҭ ирыҵанакуа аиҿкаарақәеи иааиԥмырҟьаӡакәа адыррақәа рыҭара;

– адекларациақәа ииашаны рхарҭәааразы амаҵурауаа рзы аконсультациақәа рымҩаԥгара.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра адекларациа амҩаԥгара азы аҭакԥхықәрақәа нанагӡаӡом ҳәа ашьақәырӷәӷәара иашаӡам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит.

«Ҳара адиалог азы ҳаартуп, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа еидызкыло ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» аҟынтәи  иарбоу ахырхарҭала аусура иазкны конкретла иҟаҵоу азгәаҭарақәа, мамзаргьы ажәалагалақәа рыхәаԥшреи рылацәажәареи ҳазхиоуп.

Ареспублика Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аусура амҩаԥгараҿы атәыла азакәанԥҵара иақәныҟәоит, уи хьаҳәа-ԥаҳәрада анагӡара алыршаразы иалшо зегьы ҟанаҵоит», – зәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.

 

 

 

 


Read 60 times