Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иаанкылаз ахаҵа игәаҭараан идырбалеит ишкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар згәылаҳԥсаз аилаҳәара. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалисттә Центр аҿы ишышьақәдыргылаз ала, уи зыкапан 82 грамм рҟынӡа инаӡо, «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар ауп.
Владимир Булава иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иарбоу анаркотикатә маҭәашьар иара Адлер ақалақь аҿы иааихәеит, анаҩс аҳәаа иахыганы Аԥсны имаӡоу ашьҭаҵарҭақәа рыла аларҵәара хықәкыс иҟаҵаны. Ахыдҵақәа зегьы иара ахьӡшьара «Дима» ала аус зуаз акуратор иҟынтәи иоуан, анаркотикатә маҭәашьарқәа ахьышьҭаиҵаз аҭыԥқәа рзы адыррақәа иара икуратор иахь ишьҭуан WhatsApp ала.
Владимир Булава иара убас амилициа аусзуҩцәа уаанӡа анаркотикатә маҭәашьарқәа ахьышьҭалҵаз маӡалатәи аҭыԥқәа дирбеит. Аҟәа ақалақь Аунивеситеттәи амҩала иарбаз аҭыԥ агәаҭараан аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аусзуҩцәа зыкапан 4 граммк рҟынӡа инаӡоз аметадон згылҳәаз аилаҳәарақәа ҩба рыԥшааит. Былава Владимир иганахьала ашьаусеилыргара хацыркуп. Иара ҷыдала зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьар Аԥсныҟа алагалара иадҳәалоу афактқәа ҩба, иара убас зыкапан дуу анаркотикатәи арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны изакәанымкәа раахәара, рыҵәахра, рыиагара азы ахара идҵоуп. Аусеилыргара мҩаԥнагоит аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Аусеилыргаратә ҟәша.