Print this page
17.Рашәара.2025

Уаанӡатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҩны деихсит ҳәа гәҩарас ирымоу Баграт Сурмаа мызкы ҳәа дырбаандаҩуп.

Аҟәа. Рашәарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Уаанӡатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҩны деихсит ҳәа гәҩарас ирымоу Баграт Сурмаа мызкы ҳәа дырбаандаҩуп. Рашәарамза 16, 2025 шықәса рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа ахь инашьҭын Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаҩ еиҳабы Милана Габлиа лҟынтәи  Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217, ахәҭа  2, ахәҭаҷ  164 рыла иазԥхьагәаҭо ацәгьоурақәа  рзы игәҩароу Баграт Сурмаа ирбаандаҩразы азыҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Ашьаусеилыргара аматериалқәа рыла ишышьақәырӷәӷәаз ала, ацәгьоура аҭыԥ аман ԥхынҷкәынмз 24, 2024 шықәса рзы.  Аҽны, асааҭ 14:00 инарзынаԥшуа, аусеилыргарала ишьақәыргылам ахаҿқәа аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара адырга змамыз автомашьына «Chrysler Neon» иақәтәаны Аҟәа ақалақь агәаҿы, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Адгәыр Ҳаразиа дахьынхо, Џьонуа имҩала игылоу аҩны  Nº36 иаадгылеит. Атәым мазара ақәхразы  ацәгьоуратә гәҭакы нагӡо урҭ аҩны иақәкны зыхҭаларшә 5,45 мм. рҟынӡа инаӡо Калашников иавтомат 25-нтә иҭдырҟьеит. Ахысра иахҟьаны ашҭа узлаҭало агәашәқәа, аҩны ахаҿратә ган, ах-еихагылак рыҟны иаҿоу аԥенџьырқәа ӷәӷәала ааха роуит. Ихысуаз аҭыԥ аҟынтәи Ӡиӡариа имҩа аганахьала рыҽӡаны ицеит.

Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша ахь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аҟынтәи аоператив-ԥшааратә усуразы аматериалқәа нашьҭын. Урҭ инарықәыршәаны, иарбоу ацәгьоураҿы дыгәҩароуп ҳәа ишьақәыргылан Сурмаа Баграт Абесалом-иԥа.

2025 шықәса, жәабранмза 24 рзы, 33 шықәса зхыҵуа Баграт Сурмаа ареспубликатә ишьҭазаара рылаҳәан, иара азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рҟынтәи иҽиӡеит.

2025 шықәса, рашәарамза 14 рзы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи русзуҩцәа еицымҩаԥыргаз аоепратив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, Ҭраԥшь имҩала игылоу аҩны Nº48 аҿы даанкылан уаанӡа изышьҭаз Баграт Сурмаа.

Рашәарамза 17, 2025 шықәса рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Мараҭ Аҩӡба ихантәаҩрала Баграт Сурмаа мызкы ҳәа, рашәарамза  14, 2025 шықәсанӡа ирбаандаҩразы азыӡба аднакылеит.

Абри азы адырра ҟаҵоуп Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аофициалтә саит аҿы.


Read 59 times - Ахаша, 18 Рашәара 2025 14:19