Print this page
06.Рашәара.2025

Одиссеи Бигәаа: Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада арезолиуциа «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи ахҵәацәа рҭагылазаашьа» рыдыркылеит аԥсуа ган агәаанагара ҳасаб азуымкәа.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада арезолиуциа «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи ахҵәацәа рҭагылазаашьа» рыдыркылеит аԥсуа ган агәаанагара ҳасаб азуымкәа.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа иажәақәа рыла, есышықәса адокумент рыдыркылоит аԥсуа ган алахәхарада, уи агәаанагара хырыҩ азуны.

Сынтәа Урыстәыла, Белоруссиа, Куба, Аҩадатәи Кореиа, Зимбабве, Мали, Никарагуа, Судан, Гвинеиа Қырҭтәыла иаланарҵәаз ақәҵара иақәшаҳаҭымхеит. Бигәа иажәақәа рыла, Аԥсны апозициа аарԥшразы алшара амазҭгьы, асеиԥш зхы мҩаԥызго иҵегьы атәылақәа рацәаны иҟалар алшон.

Уи иазгәеиҭеит абжьыҭира зҽацәызыхьчоз рыбжьара Чин, Индиа, Иран, Арабтә Емиратқәа реиԥш иҟоу анырра ду змоу аҳәынҭқаррақәа шыҟаз.

Иара иазгәеиҭеит абжьыҭира зҽацәхьазкыз рыбжьара Китаи, Индиа, Иран, Арабтә Аемиратқәа реиԥш иҟоу, анырра ду змоу аҳәынҭқаррақәа шыҟаз. “Ари акыр зҵазкуа дыргоуп –атәылақәа жәпакы Қырҭтәылеи уи апартниорцәеи жәашықәсала адунеи ауаажәларра зегьы ирыдырцало амци апропагандеи рықәныҟәара ишазхиам азы”, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Ахҵәацәа рызҵаара атәы ҳҳәозар, зегь раԥхьа иргыланы, Қырҭтәыла ахаҭа Аԥсны иаҿагыланы аибашьра алагарала, ари азҵаара ацәырҵразы аҭагылазаашьақәа шаԥнаҵаз аҟынтә ахы ҳкыроуп, ҳәа иҳәеит Одиссеи Бигәаа. Уи адагьы, акырӡа аҵанакуеит, Қырҭтәыла агәаанагарала, ари акатегориа иаҵанакуа зусҭцәоу.

«Ақырҭуа ган ахҵәацәеи атәыла аҩныҵҟатәи ахҵәацәа ҳәа изышьҭоу ауааи ирылацәажәоит, ари азакәантә ган ала шьаҭанкыла ииашам.

Аԥсны аанзыжьыз ақырҭуа милаҭра змоу ауааԥсыра рганахь ала "аҩныҵҟатәи ахҵәацәа" ҳәа акатегориа ахархәара залшом. Ақырҭцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәит, урҭ мчылатәи мигрантцәам, урҭ репатриантцәоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит адипломат.


Read 135 times - Аԥшьаша, 19 Рашәара 2025 14:55