Print this page
вчера 12:47

Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилазаара ҿыц шьақәырӷәӷәоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилазаара ҿыц шьақәырӷәӷәоуп. Рашәара 16 рзы уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.

Уи иалахәуп:

  • Бадра Гәынба — Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы,
  • Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа,
  • Апрокурор Хада Адгәыр Агрба,
  • Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа,
  • Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба,
  • Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц,
  • Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар,
  • Аԥыза-министр Владимир Делба,
  • Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут,
  • Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа,
  • Аштаб Хада аиҳабы Владимир Савченко,
  • Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы Беслан Ешба.

Аусԥҟа анапаҵаҩуп рашәарамза 16, 2025 шықәса рзы акыр зҵазкуа ауаажәларреи аҳәынҭқарреи, ахаҭарақәеи ринтересқәа рыхьчара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иҟынтәи аӡбарақәа реиқәыршәара хықәкыс иҟаҵаны.   

 

 


Read 120 times