Аусбарҭа аусзуҩцәа еиҭарҳәет иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз ахәыҷқәа рыцхыраара иазку русура атәы, Ацентр имоу ауадаҩрақәа иазааҭгылеит.
2025 шықәса цәыббрамзанӡа ацентр ахарџьқәа шәахоит аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи.
Аиԥылараҿы иара убас анаҩсгьы адгылареи ацхыраареи рзы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит. Ацентр аусзуҩцәа асасцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит иаадырԥшыз ахшыҩзышьҭра азы.
Аԥсны ахәыҷқәа рзы акризистә центр аадыртит 2024 шықәсазы. Ацентр ахь инаргоит аҭаацәараҿы аҭагылазаашьа уадаҩ иақәшәаз ахәыҷқәа. Ацентр адҵаалара алшоит абарҭ аҭелқәа рыла: +7940-995-02-07, +7940-911-03-02.