Print this page
27.Рашәара.2025

73 цыра аелектронтә сигареҭқәа ԥшааны ирымырхит Афон Ҿыц ақалақь аҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 26 рзы апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалҵшәаны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилкы аусзуҩцәа Афон Ҿыц иҟоу адәқьан  «Магнит» (ХА Ԥачлиа Л.З.). Адәқьан ауадақәа рҿы аимдара аан иԥшаан 73 цыра аелектронтә сигареҭ, иара убс  акцизтә дыргақәа зқәымыз 50 ҭоԥ арԥхаратә стикқәа Heets. Иаанкылаз атауар аџьармыкьатә хәԥса — 94 500 мааҭ ыҟоуп.  

Л. Пачулиа иҟалҵаз адыррақәа рыла иарбоу атауарқәа анаҩс лыхәҳахәырҭатә ҭыԥ аҿы аҭиразы Афон Ҿыц иаалхәеит.  

Аматериалқәа аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы идәықәҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

2024 шықәса жәабран 7 инаркны Аԥсны аус ауеит аелектронтә сигаретқәеи авеипқәеи атәыла ралагалара, рӡыргара, реикәыршара азин ҟазымҵо азакәан.

 

 

 


Read 198 times