Print this page
05.Ԥхынгәы.2025

Ашәба Лаша Аҟәа ақалақь амш азы адныҳәалара ҟаиҵеитАԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аҟәа ақалақь амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәба Лаша Аҟәа ақалақь амш азы адныҳәалара ҟаиҵеитАԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аҟәа ақалақь амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Ҭемыр Михаил-иԥа! 

Акыр иаԥсоу аҟәаа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аҟәа ақалақь Амш – ҳҳәынҭқарра аҳҭнықалақь аныҳәамш! 

Ҳара ибзианы иаадыруеит азқьышықәсақәа раамҭақәа рышьҭамҭа ззынрыжьыз, ажәытәра еиқәырханы иаазго, аамҭақәа ирыҵамхо ақалақь Аҟәа ҳтәыла аҭоурых аҟны есқьынгьы инанагӡоз ароль.

Ҷыдала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахҟьа-ԥҟьақәа рышьҭахь Аҟәа аԥсҭазаара азырхынҳәра, аиҭашьақәыргылара иалахәыз зегьы, иара убас иахьагьы ҳаҳҭнықалақь аԥшӡара еихаҳауа, асоциал-економикатә проектқәа рыҿиареи рынагӡареи зџьабаа аду.

Иеизҳазыӷьалааит, иҿиалааит аринахысгьы Аҟәа, иҟазааит есқьынгьы игәыҟаҵаганы, зегьы ҳзы аԥхарра, агәыкра ацны!

 


Read 77 times - Амҽыша, 06 Ԥхынгәы 2025 18:07