Print this page
02.Жьҭаара.2022

АԤСНЫ ЖӘЛАР РЫКӘАШАРЕИ РЫШӘАҲӘАРЕИ РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АНСАМБЛЬ XXI АҞАЗАРА АЗҞАЗАЦӘА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ РФЕСТИВАЛЬ «АҬЫНЧРА КАВКАЗ АЗЫ» АХЫ АЛАНАРХӘУЕИТ.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 2, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль Ротов-на-Дону ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу XXI аҟазара азҟазацәа жәларбжьаратәи рфестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» ахы аланархәуеит.

Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы – Аԥсны Аҳәынҭқарра жәлар рартист, Ҟарачы-Черқессиатәи Ареспублика жәлар рартист Валери Ҭаниа.

Абалетмеистер хада – Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист Леонид Какачиа.

«Жәларбжьаратәи аҟазара афестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» – ари амилаҭтә традициақәа, ақьабзқәа, аҵасқәа  реиҭарҿиареи реиқәырхареи, милаҭла ирацәоу, еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи ажәларқәа реидкылара алзыршо акакәны иҟоуп. Афестиваль акультуратә еимадарақәа рыҿиареи рырҭбаареи иацхраауеит, Алада Урыстәыла ажәларқәа ркультура еизааигәанатәуеит. Аҟазара азҟазацәа рфестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» аиҩызареи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәара азы акыр аҵак ду амоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп афестиваль апресс-релиз аҿы. Афестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» рхы аладырхәуеит аетнографиатә, афольклортә, авокалтә, аинструменталтә, ахорелграфиатә коллективқәеи, еиуеиԥшым ажанрқәа рыла зхатәы милаҭтә культура аӡыргара мҩаԥызго хазы игоу анагӡаҩцәеи.

Афестиваль аиҿкааҩцәа – Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра, Ростовтәи аобласт акультура Аминистрреи «Ростовтәи аҳәынҭқарратә филармониеи».


Read 361 times - Аԥшьаша, 13 Жьҭаара 2022 16:52